Ақыҭанхамҩа ԥасатәи аминистр Даур Ҭарба еиҭеиҳәеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ақыҭахь нхара дшыиасыз.
"Хԥа-ԥшьба шықәса рыҩнуҵаҟа иаҳа ақыҭанхамҩа садҳәалоуп, саб иҩнахьы нхара сиасит. Ақыҭаҿы уаннеи, ушьапи-унапи еиқәыԥса узтәаӡом, акы уалагароуп. Унапы злаукша ахырхарҭақәа рацәоуп. Сара иаҳа ашәырааӡара алысхит. Уи рацәак сазҟазамзаргьы, нхаҩык иаҳасабала иахьынӡасылшо саҿуп. Иугозар, уажәы, 1300 шьапы раҟара ашәыр мацара сымоуп", - иҳәеит Ҭарба.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.