Ҟазахстан ахада иалхраан Токаев аиааира игеит

Ҟазахстан ахада заанаҵтәи иалхраан иқәгылан фҩык акандидатцәа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 21 - Sputnik. Ҟазахстан ахада Касым-Жомарт Токаев аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа раан аԥыжәара игеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости ареспублика Алхратә ҭыԥхада ахантәаҩы Нурлан Абдиров иажәақәа шьаҭас иганы.
Токаев 81,31% бжьы иоуит, иара изы рыбжьы рҭиит 6 456 392-ҩык алхыҩцәа.
Егьырҭ акандидатцәа акыр иҵахеит: афермерцәа рассоциациа аиҳабы Жигули Даирабаев - 3,42%, ауаажәларратә усзуҩ Каракат Абден – 2,60%, економист Меирам Кажыкен – 2,53%.
Аоппозициатә социал-демократиатә партиа ахада Нурлан Ауесбаев изы рыбжьы рҭиит 2,22%, азинхьчаҩ Салтанат Турсынбеков лзы – 2,12%. Акандидатцәа зегьы ирҿагылеит 5,8% Ҟазахстан атәылауаа.
Токаев иҳәеит Ҟазахсҭан Аԥсны зазханамҵо
Ҟазахсҭан абыжьбатәи ахада иалхра мҩаԥысит абҵара 20 рзы. Аицлабра иалахәын фҩык акандидатцәа. Иаартын 10 000 рҟынӡа абжьыҭаратә ҭыԥқәа 53 тәыла рҿы. Абжьыҭара рылшон 12 миллионҩык алхыҩцәа.
Абҵара 21 асааҭ 11:00 азтәи адыррақәа рыла абжьыҭара иалахәын 69,43% атәылауаа.