Аԥсны

Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуа иалагеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 22– Sputnik. Аԥсны Урыстәылантәи афымцалашара аиуа иалагеит ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Иазгәаҭоуп, ареспублика аенергосистема абжьааԥанеиԥш аус шауа.

Уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аҳәынҭқарра ахада изеиҭалҳәеит иҳаҩсыз амчыбжь азы Урыстәыла Афымцамч аминистрраҟны имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа ртәы.
Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуан "Аҽгәара" ацәаҳәаҟны аужьра-еиқәыршәаратә усурақәа рымҩаԥгаразы афымцамч аагареи, иара убас Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара алаҟәреи азҵаарақәа ирызкны.
Озган иҟалҵаз адыррала, амш иалагӡаны аамҭеихшареи аҿҳәарақәеи ртәы еибырҳәараны иҟан, анаҩс аҟазацәа "Аҽгәара" аусурақәа ирылагоит.