Аԥсны

Х-миллионк инарыцны аԥара Аҟәа араион ақыҭанхамҩатә проектқәа ирыздырхоит

2021 шықәсазы жә-проектк мҩаԥган 2,7 млн мааҭ рыхә.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. 3,4 млн мааҭ зыхәԥса тәо 12 проект мҩаԥгахоит Аҟәа араион аҟны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала. Абри атәы аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.

Апроектқәа мҩаԥгахоит Аҩада Ешыра, Алада Ешыра, Иашҭхәа, Ӡыгәҭа ақыҭақәа рҿы. Еиҭаҳахоит абҳәа, афеихо, амандаринақәа, 9,7 гектар ажь.

Акартош алаҵара иазку апроект мҩаԥгахоит Ԥсҳәы ақыҭаҿы.
Аԥаразоужьра мҩаԥнагоит ариаон абиуџьет аҟынтә.
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аминистр аҳәынҭпрограммала инагӡоу апроектқәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит