Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ақыҭанхамҩа аминистр аҳәынҭпрограммала инагӡоу апроектқәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит

© Sputnik / Владимир Вяткин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКуры
Куры - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.11.2022
Анапаҵаҩра
2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа ацхыраара аҭара апрограммала 160 проект нагӡахоит.
АҞӘА, абҵара 19 - Sputnik. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа аҳәынҭпрограммала инагӡоу апроектқәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит Очамчыреи Гәылрыԥшьи араионқәа рҿы ҳәа еиҭарҳәеит Аԥсуа телехәаԥшра аефир аҿы.
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.10.2022
Аԥсны
160 проект нагӡахоит ақыҭанхамҩа арҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны
Аминистр даҭааит Бабышьра ақыҭаҿы еиҿкаау аԥсаатәааӡарҭа. Иара аҳәынҭпрограммала иазоужьын 4 млн 100 нызқьмааҭ. Арҭ аԥарақәа рыла иргылан аферма, иаахәан аԥсаатә, иара убас афатә. Аферма аусура иалагеит, ара ирааӡоит акәтқәеи ашәишәиқәеи. Аԥхьаҟа иазгәаҭан ирымоуп аԥсаатә аҭыԥ аҿы ишьны, ирыцқьаны аҭира азырхиара.
Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ари апроект қәҿиаратәуп ҳәа ахиҳәааит.

"Аҭира иазырхиоу атауар ыҟоуп. Асеиԥш хԥа-ԥшьба проект атәыла аалыҵ бзиала еиқәдыршәар алшоит. Аԥхьаҟагь ацхыраара раҳҭароуп, еиԥҟьарада аус руларцаз иаахәахоит агенератор", - иҳәеит иара.

Џьопуа иара убасгьы дырҭааит Ԥшьаԥи Кациқыҭи аҵыҵындрааӡарҭақәа ҩба. Арҭ апроектқәа ирзоужьын 2 млн мааҭ. Џьопуа иажәақәа рыла, анаплакқәа гәҭакыс ирымоуп 15-20 тонна рҟынӡа аҵыҵындра аҽаҩра аиура, урыстәылатәи аџьармыкьаҿ аиԥш аҭыԥантәи аџьармыкьаҿгьы аҭира.
"Ираҳҭаз ацхыраара қәҿиарала ахархәара арҭеит. Анхамҩақәа даара анапы рыдкылоуп. Анаплакқәа ирыгәҭакуп 15-20 тонна аҵыҵындра аҽаҩра аиура, уи урыстәылатәи аџьармыкьаҿ аиԥш аҭыԥантәи аџьармыкьаҿгьы аҭира алнаршоит. Ииашоу амҩа ҳануп. Ауаа аԥара рыҭара акәымкәа ирҭахны иҟоу амыруга раҳҭоит. Уи алҵшәа аанарԥшуеит", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Весенняя посевная в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.11.2022
Аԥсны
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма алахәхараз 100 инреиҳаны арзаҳалқәа нашьҭуп
Кәтол ақыҭаҿ Беслан Џьопуа ачаи ааӡараз апроект шымҩаԥысуа гәеиҭеит. Аратәи ачаирҭақәа 60 шықәса иреиҳаны ирхыҵуеит. Асовет аамҭазы еиҭаҳан. Аиҳабыра рыцхыраарала анаплакыҩцәа 2 млн мааҭ иаԥсоу ачаи арҩаразы ахархәага аархәеит. Аминистр иҳәеит ԥхьаҟагьы анаплакқәа аҳәынҭқарраҟынтәи адгылара шроуло.
Ажәабжьқәа зегьы
0