Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит

Sputnik
АҞӘА, абҵара 23– Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны Арбџьармчқәа аҽеизакратә еиҿкаара иахьынӡазыхиоу иазааҭгылеит.
Аиԥылара иалахәыз атәыла ахада изеиҭарҳәеит Ашәарҭадаратә хеилак аҵыхәтәантәи аилатәараҟны ирыдыркылаз аӡбамҭақәа шынагӡо атәы.