Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҭыжәба Аҟәа араион абиуџьет аҟынтә аԥара ззоужьу апроектқәа ртәы

Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы иарбан проектқәоу иалху, аханатә апроектқәа рзы иарбаз аԥара загхаз.
Sputnik
Аҟәа араион аҟны ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммала 12 проект мҩаԥгахоит. Урҭ рыхә хԥеи бжаки миллион мааҭ иназынаԥшуеит. Аԥара аужьхоит араион абиуџьет аҟынтә. Еиҭаҳахоит абҳәа, афеихоа, амандаринақәа, ажь, убасгьы иҟоуп акартош алаҵара иазку апроект.
Аҟәа араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Дамеи Ҭыжәба иҳәеит апроектқәа рынагӡаразы анхацәа ацхыраара шрырҭо адгьылқәа разырхиараҟны, амшқәа ирырҭар аиҭаҳара ишалаго иааиуа амчыбжь азы. Аусқәа хдыркәшарц ауп иааиуа амза ҩажәанӡа.
"Аханатә ҳбиуџьет аҿы иаҳарбаз 7 миллион мааҭ азоужьра алымҵит", - иҳәеит Ҭыжәба.