Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина итҟәаны ирымаз 35-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭуп

Урыстәыла арра-транспорттә авиациа аҳаирплан ала Москваҟа иаагахоит Украина итҟәаны иҟаз урыстәылатәи аруаа. Урҭ Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу ахәшәтәырҭақәа рҿы аҽыхәшәтәра иахысуеит.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз, Украина итҟәаны ирымаз 35-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭуп имҩаԥгаз аиҿцәажәарақәа ирылҵшәаны, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Абҵара 23 азы аиҿцәажәарақәа рышьҭахь киевтәи арежим иаҵанакуаз аҭыԥқәа рҟынтәи зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз, Украина итҟәаны ирымаз 35-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭтәуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Арратә усбарҭа адыррала дара зегьы амедицинатәии аԥсихологиатәии цхыраара рыҭахоит.