Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭуп

Урыстәыла арра-транспорттә авиациа аҳаирплан ала Москваҟа иаагахоит Украина итҟәаны иҟаз урыстәылатәи аруаа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 24 - Sputnik. Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭуп, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Абҵара 24 азы аиҿцәажәарақәа рышьҭахь киевтәи арежим иаҵанакуаз аҭыԥқәа рҟынтәи зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз, Украина итҟәаны ирымаз 50-ҩык Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭтәуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Арратә усбарҭа адыррала дара зегьы амедицинатәии аԥсихологиатәии цхыраара рыҭахоит.
Уи аԥхьа зыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылаз, Украина итҟәаны ирымаз 30-ҩык инареиҳаны Урыстәыла аруаа рхы иақәиҭтәын.
Киеви Москвеи рыбжьара мҽхакы ҭбаала атҟәацәа еимдан абҵара 3 рзы. Усҟан Урыстәылаҟа ихынҳәит 107-ҩык.