Аԥсны

2013 шықәса раахыс Аԥсны Атәанчахәытә фонд абиуџьет шә-процентк иацлеит

2022 шықәсазы Аԥсны атәанчахәи ашәарақәеи зауа 49 000-ҩык ыҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. 2013 шықәса раахыс Аԥсны Атәанчахәытә фонд абиуџьет шә-процентк иацлеит, абри атәы иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Афонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
Убри аан иара иазгәеиҭеит атәанчахәы ацҵаразы аофициалла аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара иацлароуп ҳәа.

"150 нызқьҩык аусураз алшара змоу рҟынтәи 42 нызқьҩык роуп атәанчахәытә фондахь ашәарақәа ахызыԥхьаӡало. Ари иаанаго азакәан инақәыршәаны ашәарақәа зегь мҩаԥгазар Афонд абиуџьет ҩынтә еиҳахон", - иҳәеит Гәылариа.

Денис Гәылариа иазгәеиҭеит аԥгаԥсатә лагалақәа зшәо аус зуа рыбжаҩык роуп ҳәа.
"Иҳауа ашәарақәа раҟара ашәшьыра иҵахан иҟоуп. Иахьатәи асистемала Афонд аулафахә ҳаракы аҟынтә аԥара алазгалои аулафахә лаҟәы аҟынтә аԥара алазгалоуи атәанчахәы еиҟараны ироуеит. Ари угәы ҟанаҵом. Атәылауаа дасу заҟа Афонд ахь иалеигало азгәазҭаша ашәҟәҭаҩра аҭахуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәдырӷәӷәаз 2023 шықәсазтәи атәыла абиуџьет апроект аҿы Атәанчахәытә фонд алагалақәеи аныхрақәеи идыртәоит 1,5 миллиард мааҭ.