Аԥсны

Денис Гәылариа Атәанчахәытә фонд аҿаԥхьа ауал зқәу рыӡбахә иҳәеит

Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз 2023 шықәсазтәи атәыла абиуџьет апроект аҿы Атәанчахәытә фонд алагалақәеи аныхрақәеи идыртәоит 1,5 миллиард мааҭ.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Аԥсны атәанчахәытә Фонд аҿаԥхьа ауал зқәу ртәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Афонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
"Ахадараҿы игылоуп "Амшынеиқәафымцамч". Зегьы иаадыруеит ҳенергетикцәа рҿаԥхьа иҟоу апроблемақәа, аилахәыра афинанстә ҭагылазаашьа шыуадаҩу. Убырҭқәа ирыхҟьаны аилахәыра Афонд аҿаԥхьа иақәу ауал - 100 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Ашәҟәы ҳауит ари ауал хәҭа-хәҭала ишыршәо азы", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Анаплак дуқәа Афонд ахь аԥара аашьҭра анеиԥырҟьалак Афонд атәанчахәы ашәара ацәыцәгьахоит ҳәа азгәеиҭеит Гәылариа.
"Иҟоуп анаплакы – гагратәи абнатә нхамҩа. Ишыздыруа ала иахьазы аус ауӡом. Атәанчахәытә фонд аҿаԥхьа 2007 шықәса аахыс ауал ақәуп. Асеиԥш иҟоу аиҿкаарақәа руалшәара азҵаара ӡбатәуп", - иҳәоит Афонд ахантәаҩы.
2022 шықәсазы Аԥсны атәанчахәы зауа 49 000-ҩык ыҟоуп.
Аԥсны
2013 шықәса раахыс Аԥсны Атәанчахәытә фонд абиуџьет шә-процентк иацлеит