АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Диана Ԥлиеи Алиса Бигәааи "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз азиндырҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Аусԥҟа инақәыршәаны аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьоуп "азакәанреи азинлеишәеи рырӷәӷәараҟны, аконституциатә шьақәгылашьеи атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәеи закәанла ирымоу ринтересқәеи рыхьчараҟны алшамҭақәеи, апрофессионализм ҳараки рзы".
Диана Ԥлиа - Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ, Алиса Бигәаа - Аконституциатә ӡбаҩы. Бигәаа ари аҭыԥ аҟны далхын жәабран 2018 шықәсазы, Ԥлиа - жәабран 2017 шықәсазы.