Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Диана Ԥлиеи Алиса Бигәааи "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз азиндырҩы" ҳәа ахьӡқәа рыхҵоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год
Правительство Абхазии утвердило проект республиканского бюджета на 2022 год - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.11.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵаразы аусԥҟа инапы аҵаиҩит абҵара 25 рзы.
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik. Диана Ԥлиеи Алиса Бигәааи "Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз азиндырҩы" ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа рыхҵоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Аусԥҟа инақәыршәаны аҳаҭыртә хьӡқәа ранашьоуп "азакәанреи азинлеишәеи рырӷәӷәараҟны, аконституциатә шьақәгылашьеи атәылауааи аиҿкаарақәеи рзинқәеи закәанла ирымоу ринтересқәеи рыхьчараҟны алшамҭақәеи, апрофессионализм ҳараки рзы".

Диана Ԥлиа - Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа ахантәаҩы лхаҭыԥуаҩ, Алиса Бигәаа - Аконституциатә ӡбаҩы. Бигәаа ари аҭыԥ аҟны далхын жәабран 2018 шықәсазы, Ԥлиа - жәабран 2017 шықәсазы.
Ажәабжьқәа зегьы
0