Аԥсны

Гагра зыҩны блыз аҭаацәарақәа анхарҭа ҿыцқәа раахәаразы абиуџьет аҟынтә аԥара рзоушьҭхоит

Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылыз ауадарацәа змаз аҩны абылра иахҟьаны хыҵакырҭада иаанхеит 12 ҭаацәара. Амцакра ҟалеит 2021 шықәса мшаԥымза 26 рзы.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион ахадара 700-700 нызқьмааҭ рзоурыжьуеит ауадақәа раахәаразы 2021 шықәса мшаԥымзазы абылра иақәшәаз ауаа ҳәа лҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынԥҳа.
Лара илҳәеит аԥхьа дара ишрыдгалаз Бзыԥ ақыҭа аиланхарҭа "Асԥа" аҿы ауадақәа аархәарц, аха ари зегьы иргәамԥхеит.
"Ари араион маҷ активла иҿиоит, иҟоуп ахәыҷбаҳча, ашкол, инарҭбаау аинфраструктура. Изҭаххаз ҟалеит, аха иҟоуп мап ацәызкызгьы", - ҳәа лҳәеит лара.
Гәынԥҳа лажәақәа рыла араион ахада ихьӡала аԥаразоужьра мҩаԥгазарц арзаҳалқәа зҩыз ыҟоуп. Ҷыдала иаԥҵоу акомиссиа арзаҳалк рнапы ақәырҵеит - ари аҩнаҿы инхоз аԥҳәыс лыԥҳа Гәдоуҭа араион аҿы ауадақәа лзылыԥшааит, уахь диалгоит.
Иара убасгьы Гәынԥҳа иазгәалҭеит иблыз аҩны аҟны инхоз ахатәтәра азин змаз ҩ-ҭаацәарак шракәыз. Азеиԥш ԥхасҭа ахәԥса 3,5 миллион мааҭ итәеит.
"Иблыз аҩны иҩназ рҟынтә ахатәтәра азин змаз ҩ-ҭаацәарак ракәын. Уажәы зегьы ирыдаагалоит ирхатәхаша анхарҭақәа", - ҳәа лҳәеит лара.
Аԥсны
Гагра ауадарацәа змаз аҩны блит
Гәынԥҳа убасгьы илҳәеит, аҭыԥантәи амчрақәа аԥхьаҟагьы ацхыраара шыҟарҵало.
Гагра Демерџь-иԥа имҩаду аҟны игылыз ауадарацәа змаз аҩны абылра иахҟьаны хыҵакырҭада иаанхеит 20-ҩык.
Амцакра ҟалеит мшаԥымза 26 рзы. Гагра араион анапхгара рымчала ааха зауз аҭаацәарақәа аԥхьа аҭыԥантәи асасааирҭа иҩнарҵеит, анаҩс абиуџьет аҟынтә қьырала аҩнахьы ииаргеит.