АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аконституциа амш рыдиныҳәалеит аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниеи Аԥсны иқәынхо ауааԥсыреи ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп, Атәыла азакәан хада аԥҵан аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы. Иналукааша аполитикцәеи, аҵарауааи, азиндырҩцәеи ирыбзоураны атәыла иаиуит аԥхьаҟа аҳәынҭқарратә ргылара, атәылуаҩратә уаажәларра адемократиатә институтқәа рыҿиара уасхырс ироуз акрызҵазкуа амаруга.
Шургалин Бжьаниа изеиӷьеишьет аҭакԥхықәра зцу амаҵураҟны аихьӡарақәа, Аԥсны иқәынхо ажәлар – аҭынчреи аизҳазыӷьареи.
Аконституциа амш Аԥсны жәлар ирыдырныҳәалеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба, аомбусмен Асида Шьаҟрыл, Приднестровиа ахада Вадим Красносельски.