Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.11.2022
Анапаҵаҩра
1994 шықәса абҵарамза 26 рзы ирыдыркылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭоурых ҿыц азы илахьынҵаӡбаганы иҟалаз адокумент – Азакәан хада.
АҞӘА, абҵара 26 - Sputnik. Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аконституциа амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит Аконституциа - ари аҳәынҭқарратә шьақәгылара анормақәа шьаҿа-шьаҿала аҿиареи, аиҭакра ҿыцқәеи алзыршо, Аԥсны жәлар рԥеиԥш агәрагара рызҭо ак акәны ишыҟоу. Азакәан хадеи уа иарбоу анормақәеи апринципқәеи рықәныҟәарала иахьа жәларбжьаратәи азин иаҵанакуа субиектны иҟоу, ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргылара ҳшаҿу.
"Аԥсны аҳәынҭқарратә ҿиараҟны хадара змоу азгәаҭаны, Азакәан хада аԥҟарақәа зегьы рынагӡарала, азакәанреи азинлеишәеи алыршала, атәылауаа рҳәоуеиқәшәареи аҭышәынтәалареи шьақәырӷәӷәо хьаҳәа-ԥаҳәарада аизҳазыӷьареи, ашьақәгылареи ирызку амҩа ҳануп", - ҳәа аҳәоит адныҳәалараҟны.

Бжьаниа Аԥсны жәлар ирзеиӷьасшьеит аҭынчра, аҭышәынтәалара, акзаара, аизҳара, аизҳазыӷьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0