АҞӘА, абҵара 26-Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Очамчыра аԥсҭбара зцыз амҩан амашәыр ҟалеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭарҳәеит Аԥсны ААР апресс-маҵзураҿы.
Заанаҵтәи адыррақәа рыла, Очамчыраҟа зхы хаз “Toyota Mark II” амашьынарныҟәцаҩ аццакратә ԥҟарақәа реилагареи амҩа ацәаакыреи ирыхҟьаны аԥсҟы изнымкылаӡакәан имҩа дахыҵны иаԥхьаҟа иааиуаз амашьына "Нива" дасит.
Амҩан иҟалаз амашәыр иахҟьаны амашьына "Нива" аԥсҟы зкызи апасаџьыри ҭахеит. “Toyota Mark II” аԥсҟы зкызи апассаџьыри ацәеижь аахақәа рыманы Аҟәатәи Ареспубликатә хәшәтәырҭахь инагоуп, рыԥсҭазаара ашәараҭара иҭагылам.
"Автомашьына “Toyota Mark II” арныҟәцаҩ, ахирургиатә ԥҟарақәа рышьҭахь амедицинатә гәаҭара дахыжьхоит арыжәтәџьбара ыжәны дыҟазу дыҟамзу аилкааразы", - ҳәа аҳәоит ААР апресс- маҵзура адырраҭараҿы.
Амҩан иҟалаз амашәыр азы ашәҟәқәа Очамчыра ААР ауселыргаратә ҟәшахьы идәықәҵоуп апроцессуалтә ӡбара адкылараз.