Аԥсны

Амаининг-ферма ду аарԥшын Гәылрыԥшь араион аҿы

Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Амаининг-ферма ду аарԥшын Гәылрыԥшь араион Мархьаул ақыҭаҿы, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Афермаҿ иқәгылан 182 аппарат, зеиԥш мчхарала 364 киловатт.
Ахархәагақәа ықәганы аусбарҭа аҵәахырҭа ҷыдахь инаргеит.
Аԥшәмацәа административтә хараԥса рықәҵоуп.
Аԥсны иахьаҵанакуа акриптовалиута арҳаразы аусура азин аанкылоуп афымцаҳақәа ахьажәуи ахьанҭара ахьырзышьҭымхуеи инарыдҳәаланы. Аԥсны аиҳабыра ареспубликахь акриптовалиута арҳаразы ахархәагақәа ралагалара азин ааннакылеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 31 рҟынӡа.