Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи аруаа шәҩык инреиҳаны иҭархоуп Днепропетровск аобласт аҟны

Урыстәылатәи авиациеи артиллериеи ааха рырҭеит аӷа инапхгараҭаратә ҭыԥқәа ааба, 124 раион рҿы иҭархоуп аӷа еибашьцәеи итехникеи, абџьари аџьаԥҳани рышьҭаҵарҭақәа ҩба ԥжәоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 28 - Sputnik. Урыстәылатәи авиациа Днепропетровск аобласт аҟны украинатәи аруаа шәҩык ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Урыстәылатәи Аҳауаҿагыларатә хьчара иатәу икылакааны ихысуа абџьар ахархәарала Днепропетровск аобласт аҟны иҭархоуп УАМ 17-тәи абригада рыруааи реибашьыгатә машьынақәеи. Иара убас аибашьыгатә техника 8 ак", - рҳәеит атәылахьчара аминистрраҟны.
Иазгәаҭоуп, урыстәылатәи ар раанкыларазы украинатәи аруаа ДЖәР аконтржәылара амҩаԥгара рыҽшазыршәаз, дара уа ирыцәҭахеит 80-ҩык.
Арратә аоперациа иалагазар украинатәи аибашьыгатә техника 7,4 ак ҭархоуп.