Аԥсны

Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа уахи-ҽни режим ӷәӷәала аусура иалагеит

Аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит ААИ ииасыз амзаз аусура акыр ишырӷәӷәазгьы, амҩақәа рҿы амашәырқәа раԥырҟәҟәааразы иҵегь аҽазышәарақәа ахәҭаны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 29 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа уахи-ҽни режим ӷәӷәала аусура иалагеит. Ари аҩыза ААИ аусзуҩцәа ирыдиҵеит Аԥсны ААР аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа амҩатә шәарҭадара азҵаарақәа рзы имҩаԥгаз аилацәажәараҿ.
Раԥхьа иргыланы аҭагылазаашьа зыдҳәалоу амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа реилагара – амашьына арццакреи арыжәтә ыжәны аԥсҟы акреи роуп.
"Абҵара 19 - 24 (рыҩнуҵҟа иаарԥшуп 169-ҩык арыжәтә ыжәны аԥсҟы зкыз ауаа. Асеиԥш уаанӡа иҟамлацызт", - иҳәеит Ҷкадуа, иагьазгәеиҭеит ААИ ишазгәарҭаз 70 рҟынӡа хҭыс.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ иҳәеит аҵыхәтәантәи амҩатә машәырқәа раан ишҭахаз хҩык атәылауаа, иҳаҩсыз ҩымш рыҩнуҵҟа ԥшьҩык аахақәа шроуз, амҩатә машәырк аан аахақәа шиоуз ахәыҷы.
Ҷкадуа иҳәеит Аԥсны ААР аиҳабыра ишрыдыргалаз аус зуа азакәанԥҵаратә актқәа аԥсахрақәа рылагалара иахәаԥшырц, атранспорт арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра, арыжәтә адкылареи анаркотикқәа рыдкылареи рыбжьара аилыргарақәа, арыжәтә ыжәны иҟоу рырбаандаҩра реиԥш иҟоу азинеилагарақәа раан ахарадҵара арӷәӷәаразы.