Аԥсны

2023 шықәсазы Аԥсны ахәыҷы ииразы асоциалтә шәарақәа ирыцҵахоит

Аԥсны аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит асоциалтә ԥгаԥса аусхк иаҵанакуа Аминистрцәа реилазаара анорматив-зинтә актқәак рахь аԥсахрақәа алагалазарц.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аиҳабыра ақәҵара рыдыркылеит ахәыҷы ииразы асоциалтә шәарақәа 2023 шықәса инаркны ирыцҵазарц.
Адокумент инақәыршәаны шықәсыбжакынӡа ахәыҷы ибараамҭаз ашәара 3 000 инаркны 7 000 рахь инеиуеит. Уаанӡа ҩыџьа еициз рзы аӡәы изы иршәоз иаҟаразар, 2023 шықәса рынахыс уи хаз-хазхоит.
Аус зуа аҭаацәа рхәыҷы ииразы зныктәи ашәарақәа 13 нызқь рҟынтәи 22 нызқь рҟынӡа рышьҭыхра азгәаҭоуп. Аус зымуа аҭаацәарақәа рзы ашәарақәагьы 10,2 нызқь инаркны 17 нызқь рҟынӡа ихагалахоит.