АҞӘА, абҵара 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара ақәҵара аднакылеит "2022-2023 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз шаҟа укыр ҟало".
ЗЫкра ҟало аԥсыӡ акапан
Аԥсыӡхкқәа | Аҵәахзыԥхьагәаҭа (тоннала) | Зыкра алшо акапан (тоннала) | Ирабжьырго акапан (тоннала) |
Акамшьиа | 100 000 | 35 000 | 35 000 |
Аҵыхәшәыгә | 2 200 | 300 | 280 |
Агәыҵаԥшь | 350 | 70 | 65 |
Аԥсардаҳан | 1 800 | 500 | 500 |
Аидыԥсала | 500 | 100 | 95 |
Аҷарқал | 290 | 40 | 35 |
Амшынла | 90 | 1,8 | 1,3 |
Ашәиаҟ | 50 | 7 | 6 |
Амшынцгәы, амшынбгахәыҷы | 135 | 25 | 20 |
Алуфар | 400 | 250 | 250 |
Асмарида | 230 | 40 | 30 |
Егьырҭ аԥсыӡхкқәа | 220 | 65 | 63 |
Зынӡа: | 106 265 | 36 398,8 | 36 345,3 |
Ақәҵара азин ҟанаҵом аԥсыӡкраамҭаан ирхьшәашәоу, аҵаарку, аҿыцкыра ԥсыӡ аекспорт. Азин ыҟоуп урыстәылатәи аԥсыӡкратә наплакқәа заҵәык раахәара.
Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистрра анапы ианҵоуп аӡы-биологиатә ресурсқәа рхархәаразы аԥара алхра аиқәыршәара, урҭ ареспубликатә биуџьет рахыԥхьаӡалара ахылаԥшра. Аҳәынҭқарратә ҳазалхартә еилакы, Ақыҭанхамҩа аминистрра, Аекологиаз аҳәынҭеилакы ақәҵара анагӡашьа ирхылаԥшлароуп.