Аԥсны

Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳареи амаининг атәыла алагалареи рзы аԥкрақәа ирыцнаҵеит

Акриптовалиута арҳаразы аусурақәеи амаининг-хархәагақәа атәылахь ралагалареи ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса аахыс.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳареи, уи азы амаининг маругақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа рыҿҳәара инахеит ԥхынҷкәын 31, 2023 шықәсанӡа.
Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит 2020 шықәса раахыс. Аԥсны аиҳабыра акриптовалиута арҳареи, уи азы амаининг маругақәа атәыла ралагалареи рзы аԥкрақәа рыҿҳәара ԥхынҷкәын 31, 2022 шықәсанӡа инахеит 2021 шықәса хәажәкыра 31 азтәи ақәҵарала.
Акриптовалиута арҳаразы аусурақәа ирҿагыланы ауснагӡатәқәа мҩаԥысуеит Аԥсны афымцамчтә система алшарақәа храла рхархәара хықәкыс иҟаҵаны, афымцатә ҳақәа реидара ахьанҭахареи афымцамч адефицити инарыдҳәаланы.