Аԥсны

Ӷәынџьиа Аԥсны атәылауаа европатәи апаспортқәа рыҭара мап ахьацәку ахҳәаа аиҭеит

Европарламент ақәшаҳаҭхеит Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ацәкра.
Sputnik
АҞӘА, абҵара 30 – Sputnik. Европарламент Урыстәыла аҵакыра ҿыцқәеи, Ҟрыми, Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ирыҭоу урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа рыла авизақәа рыҭара мап ахьацәнакуа хәымгароуп иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы жәларбжьаратәи аусқәа рзы Аԥсны ахада ицхырааҩ Максим Ӷәынџьиа.
"Европатәи ачынуаа рҳәамҭақәеи румҭақәеи ушԥарыхәаԥшри? Ари аҳәамҭа ахәымга аарԥшроуп иаанаго. Ҳтәылауаа Евроеидгыла ралалараз рзин ԥкуа европатәи адоуҳақәа еиҳа иаҳҭаххо џьыршьома?" - иҳәеит иара.
Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла акыршықәса ҵуеит Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи апаспорт ала шенгентәи авизақәа роура иаԥырхагахоижьҭеит. Иҟан ахҭысқәа аконсултә ҟәшақәа русзуҩцәа Қарҭ ицаны авиза ргарц анрыдыргалозгьы иҳәеит иара.
"Ари зинеилагароуп. Ауаа ирҳәон авизаз Қырҭтәылаҟа ишзымцо, уа дара ршәарҭадара шыхьчам. Аха ари аконсултә ҟәшақәа рҿтәи европатәи аусзуҩцәа рзы ҵаҵӷәны иҟамызт. Уажәтәи аӡбарагь ҿыцӡам, еиҳа ирадикалтәуп акәымзар", - иҳәеит Ӷәынџьиа.
Иара игәаанагарала, ари адемократиатә принципқәа ирықәшәоит ҳәа узҳәом. Ӷәынџьиа игәаанагарала, абри аус аҿы Аԥсны иаус хаданы иҟоу хақәиҭрала анеиааира азин аиура, аԥсуа тәылауаҩшәҟәқәа разхаҵараз адҵаҟаҵара, женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы ари азҵаара иааиԥмырҟьаӡакәа ацәыргара роуп.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Еврокомиссиа урыстәылаа шенгентәи авизақәа рыҭара апроцесс аруадаҩит