Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа автомашьына анаҭеит

Амашьына аахәоуп атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа автомашьына анаҭеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аминивен "Noah" ахәыҷтәы хәшәтәырҭа ачымазцәа рымаҵ аулоит.
"Амашьына ҳҭахыижьҭеи акырҵуан, аиҳаракгьы аҭыԥрацәа змоу. Ахәыҷы шамахамзар иҭаацәеи аҳақьыми дымҩаԥыргоит. КТ, МРТ, ФГС рахь ахәыҷқәа ангатәу ыҟоуп, уажәы уи акыр иаҳзымариахоит", - ҳәа лҳәеит ахәшәтәырҭа аҳақьым хада и.н. Инесса Камлиаԥҳа.
Аԥсны
Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа иҭоу рзы алабораториа ҿыц аҿы анализқәа хәыдаԥсада иҟарҵалоит