Аԥсны

Ахәыҷтәы хәшәтәырҭа иҭоу рзы алабораториа ҿыц аҿы анализқәа хәыдаԥсада иҟарҵалоит

Алабораториа уахи-ҽни аус ауеит. Ара иҟарҵоит абиохимиатәи азеиԥши анализқәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 2 - Sputnik. Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа иҭоу рзы алабораториа ҿыц аҿы анализқәа хәыда-ԥсада иҟарҵалоит ҳәа арадио Sputnik аефир аҿы илҳәеит аҳақьым хада и.н. Инесса Камлиаԥҳа.
Аԥсны
Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҿы алабораториа аартхоит
Лара лажәақәа рыла амбулатортә чымазцәа алабораториатә маҵзурақәа рыҭалахоит аныхратә материал азхоны иҟазар.
“Аныхратә материал шықәсык аҩнуҵҟа зымаҵ ауа ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазхаша ауп иҳарҭо. Ачымазцәа рзы астатистика есышықәса Агәабзиарахьчара аминистррахь инаҳашьҭуеит. Аԥыжәара раҳҭоит астационар иҭоу ачымазцәа", - ҳәа лҳәоит Камлиаԥҳа.
Алабораториа уахи-ҽни аус ауеит. Ара иҟарҵоит абиохимиатәи азеиԥштәи анализқәа.
Камлиаԥҳа лажәақәа рыла ахәшәтәырҭаҿы алабораториа хымԥадатәиуп, избанзар ахәшәтәырҭа цхыраара ласык аҳасаб ала аус ауеит. Лассы-ласс убри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалалоит ацхыраара анырҭаху, иаҳҳәап аԥҟара анымҩаԥгатәу. Усеиԥш аан иаарласны ашьа анализ ҟаҵатәуп.
Уажәы ахәшәтәырҭаҿы алабораториаз аҭыԥ арҽеиратә усурақәа иаҿуп. 5,3 млн мааҭ рыхә ахархәагақәа аминистрра иаанахәахьеит. Аиҭашьақәыргыларатә усқәа анхдыркәшалак урыстәылантәи иаауеит аинсталлиаторцәа, урҭ алабораториатә техника аусура шьақәдыргылоит.