АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik. Аҟәа, Аҳабла ҿыц анхацәа Цәыббра 30 амҩаҟны иҟоу абаҳчахәыҷ Беслан Ӡыба ихьӡ ахҵазарц 120 напынҵамҭақәа еидыркылеит.
Анапынҵамҭақәеи ашәҟәи нашьҭуп Аҟәатәи амҩақәеи, апаркқәеи, абаҳчахәыҷқәеи ахьӡқәа рыҭареи, урҭ рыԥсахреи рзы иаԥҵоу ауаажәларратә комиссиахь.
"Беслан Ӡыба ихьӡ анаӡаӡатәра изызҳауа аҿар рааӡараҿы шьаҿа ӷәӷәахоит", - азгәаҭоуп ашәҟәы аҟны.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара аӡбамҭа рыдыркыларц абжьгоуп иҳәеит акомиссиа ахантәаҩы Арда Ашәба.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара ахада Дмитри Осиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азҵаара хара имгакәа иахәаԥшраны ишыҟоу.
Беслан Ӡыба- Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп, 1998 шықәсазы Гал имҩаԥысуаз ахҭысқәа дрылахәын, Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәра далахәын, "Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәразы" амедали Леон иордени ианашьоуп. Ӡыба дшьын ԥхынгәы 17 2021 шықәсазы Аҳабла ҿыц аҟны аҭыԥ змаз аиҿахысраан.