Аԥсны

Агәабзиарахьчара аминистр ахәыҷтәы ҳақьымцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит

Аԥсны ахәыҷтәы ҳақьым хада Ангелина Оҭырба лажәақәа рыла, ҳтәылаҟны азҟазауаа зынӡа 33-ҩык роуп иҟоу.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба ахәыҷтәы ҳақьымцәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аилатәараҟны иазааҭгылеит Аԥсны араионқәа зегь рҟны ахәыҷтәы ҳақьымцәа русура.
Агәабзиарахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Саида Делԥҳа лажәақәа рыла, ареспубликаҟны ахәыҷтәы ҳақьымцәа рызхаӡом.
"Аиҳарак ари аҭагылазаашьа ҳакәыӷәӷәоит Ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭаҟны. Мҩакы азыԥшаатәуп", - лҳәеит лара.
Едуард Быҭәба аилатәараҟны иҳәеит аҳақьымцәеи амедиеиҳәшьцәеи рԥышәеизырҳара ишахысуа.
Аҳақьымцәа Манту, Диаскин тест, БЦЖ рзы асертификациатә курсқәа ирхысраны иҟоуп, иара убас аимҳәацәгьа аарԥшразы акурсқәа.
Аҳақьымцәа иазгәарҭеит ахәыҷқәа рыбжьара алаҵаҟаҵара акырӡа ишхьысҳау.
Едуард Быҭәба иҳәеит алаҵаҟаҵара шхымԥадатәиу деилыркаалатәуп, аиҳарак амедусҳәарҭақәа рҟны.