Аԥсны

Агәабзиарахьчара аусхк аҟны Аԥсни Приднестровиеи аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит

Амеморандум анапы аҵаиҩын 2017 шықәсазы Аԥсни Приднестровиа Молдавиатәи Ареспубликеи ирыбжьарҵаз аиҩызареи аусеицзуреи рзы аиқәшаҳаҭра ашьаҭа ала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсни Приднестровиа Молдавиатәи Ареспубликеи Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистррақәа рыбжьара амеморандум рыбжьарҵеит агәабзиарахьчареи, асоциалтә еиқәыршәареи, асоциалтә хьчареи ахырхарҭала русеицзуразы.

Амеморандум ахықәкы - аҩ-тәылак руааԥсыра ргәабзиарахьчареи рсоциалтә еиқәыршәареи азҵаарақәа рыҟны аусеицура.

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аԥсни Приднестровиа Молдавиатәи Ареспубликеи ргәабзиарахьчарақәа рминистрцәа Едуард Быҭәбеи Кристина Албули, Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьбеи ПМА аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Елена Куличенкои.
Аиԥылара далахәын Аԥсны иҟоу Приднестровиа ацҳаражәҳәаҩ Гарри Қәпалба.
Албул Аԥснытәи лколлегацәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит Приднестровиатәи аибашьра аветеран апротезҟаҵараҿы изыҟарҵаз ацхырааразы. Агәыӷра аалырԥшит аԥхьаҟагьы аганқәа егьырҭ ахырхарҭақәа рҟынгьы русеицура еизҳап ҳәа.
Амеморандум аҳәаақәа ирҭагӡаны иазгәаҭоуп, аганқәа еиуеиԥшым асеминарқәеи аконференциақәеи рымҩаԥгара, акадрқәа разыҟаҵара, атәылауаа ацхыраара рыҭара.