Аԥсны

Аԥсуа туристтә фирмақәа ҩба рнапхгаҩцәа "Урыстәыла аԥхьагылацәа" апремиа ранашьоуп

"Урыстәыла аԥхьагылацәа" ("Лидеры России"-аред) - ҳаамҭазтәи анапхгаҩцәа рзы иаарту еицлаброуп, урыстәылатәи ахада иаԥшьгарала иаԥҵоу аплатформа "Урыстәыла- алшарақәа ртәылоуп" апроект хадақәа ируакуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Аԥсуа туристтә фирмақәа ҩба рнапхгаҩцәа "Урыстәыла аԥхьагылацәа" апремиа ранашьоуп. Абри атәы аанацҳауеит атуризм азы аминистрра апресс-маҵзура.
Аилак-оператор "Риҵа Тур" аиҳабы хада Елена Лолуеи атуристтә хеилак "Аква-Абаза" анапхгаҩи Мариа Гыцбеи апремиа ранашьара мҩаԥысит Москва, асасааирҭа "Золотое Кольцо" аҟны.
Ауснагӡатә далахәын Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба. Аҳамҭақәа зауз иаԥсаны иранаршьеит ҳәа азгәеиҭеит.
"Аибашьра ашьҭахь раԥхьатәи аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа иаазгаз иреиуоуп арҭ атурфирмақәа. Аԥсны атуризм аҿиаразы рлагала ӷәӷәоуп", - иҳәеит Хышба.
"Урыстәыла аԥхьагылацәа" ("Лидеры России"-аред) - ҳаамҭазтәи анапхгаҩцәа рзы иаарту еицлаброуп, урыстәылатәи ахада иаԥшьгарала иаԥҵоу аплатформа "Урыстәыла- алшарақәа ртәылоуп" апроект хадақәа ируакуп, уи еиднакылоит 26 еицлабра, апроектқәа, аолимпиадақәа.
Аԥсны
Хышба: Аԥсны жәларбжьаратәи автотуризм аусхк арҿиалоит