Аԥсны

Идырым асолдаҭ имш азгәарҭеит Аԥсны

Есышықәса Идырым асолдаҭ имш азгәарҭоит адунеи аҿы ԥхынҷкәын 3 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik. Аҟәа, Идырым асолдаҭ ибаҟеи Ахьӡ-аԥша апарки рҿы ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны иҟоу Россотрудничества, Ахьӡ-аԥша амузеи, Аԥсны иҟоу аурысцәа рџьынџьуаа еидызкыло ахеилак, аҿар рхеилак "Аԥеиԥш".
Идырым асолдаҭ Имш азгәаҭара иалагеит абҵара 4 2014 шықәсазы Урыстәыла ахада афедералтә закәан "Урыстәыла агәалашәаратә рыцхәқәеи арратә ахьӡ-аԥшеи рымшқәеи" рзы Афедералтә закәан 1-1 аәҭа аԥсахрақәа аналеигала инаркны.
Есышықәса Идырым асолдаҭ Имш азгәарҭоит адунеи аҿы ԥхынҷкәын 3 рзы. Абри амш аҽны 1966 шықәса рзы Александр ибаҳчаҿы анышә иамадан аибашьра адәы иқәгаз идырым асолдаҭ иԥсыбаҩ.