Аԥсны

"Сириус" имҩаԥысуаз аҵарауаа ҿарацәа аҩбатәи Рконгресс хыркәшоуп

Аҭҵаарадырратә форум еиҿкаан Урыстәыла ахада Владимир Путин иаԥшьигаз аҭҵаареи атехнологиақәеи Ажәашықәса аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҭҵаареи аҟазареи рпарк "Сириус" аҟны имҩаԥысуаз аҵарауаа ҿарацәа аҩбатәи Рконгресс аусура хнаркәшеит асабша, ԥхынҷкәын 3 рзы.
Афорум алахәылацәа хымш ирылагӡаны иахьатәи ҳаамҭазы аҭҵаара-техникатә ҿиара ахьынӡанагоу ҭырҵаауан, иалахәын астол гьежьқәа, аиҿцәажәарақәа, аилатәарақәа.
Аԥснынтәи ауснагӡатә иалахәын Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ, архивист Милана Бжьаниаԥҳа, Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩ, атоурыхҭҵааҩы Давид Канделаки, Аԥсны иҟоу Россотрудничество аусзуҩ Анжела Ақаҩба.
Аҭҵаарадырратә форум 40 тәыла рҟынтәи х-нызқьҩык алахәылацәа еиднакылеит, иара еиҿкаан Урыстәыла ахада иаԥшьигаз аҭҵаареи атехнологиақәеи Ажәашықәса аҳәаақәа ирҭагӡаны. Владимир Путин хаҭала далахәын афорум аартра.