Аԥсны

Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада иофициалтәым ныҟәарыла Аԥсны даҭааит

Раԥхьаӡа аофициалла Рустам Минниханов Аԥсны даҭааит жьҭаара 1 2015 шықәсазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4– Sputnik. Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Русҭам Минниханов ҽнактәи иофициалтәым ныҟәарыла Аԥсны даҭааит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа аԥсуа-аурыс ҳәааҿы диԥылеит.

Минниханов иаара адҳәалоуп аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҳәаақәа иҭагӡаны ареспубликақәа русеицура.

Аԥсны ахада аусутә еилацәажәарақәа рзы Ҭаҭарсҭан дыҟан ԥхынгәы 16 2022 шықәсазы.