Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 80-ҩык инреиҳаны украинатәи аруаа ҭархоуп

Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы украинатәи атактикатә гәыԥқәа ҩба урыстәылатәи аруаа ирыжәларц аԥшьаргеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 - Sputnik. Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 80-ҩык инреиҳаны украинатәи аруаа ҭархоуп, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчаратә аминистрра.

Уахыки-ҽнаки рыла Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы 80-ҩык инреиҳаны украинатәи аруаа ҭархоуп, иара убас танкк, акәылӡмашьынақәа", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Иазгәаҭоуп, Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы аиланхарҭақәа Плошьанка, Червонопоповка, Житловка рҟны украинатәи атактикатә гәыԥқәа урыстәылатәи аруаа ирыжәларц аԥшьаргеит. Урыстәылатәи артиллериеи авиациеи рхархәарала аӷацәа шьҭахьҟа иԥхьацоуп.
Иара убас украинатәи ажәыларатә гәыԥқәа ЛЖәР аиланхарҭа Кременнаиа иажәлеит. Аӷа ир шьҭахьҟа иԥхьацан Серебрианско Лесничество араион аҟны.
"Уи адагьы, Лугансктәи Жәлар рреспублика аиланхарҭа Червонаиа Диброва иҭархан УАМ аԥшыхәратә гәыԥқәа хԥа",- азгәарҭеит УАА аҟны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Луганск 80-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа ҭархоуп