Аԥсны

Аԥсны АШәМ атеррористтә шәарҭараз аинформациа агәаҭара иалагеит

Азинмчрауаа аоператив-ԥшааратә уснагӡатәқәа ркомплекс мҩаԥыргоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура ареспублика аҩнуҵҟа атеррористтә шәарҭараз аинформациа агәаҭара иалагеит.
АШәМ атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит апровокациақәа рыгәра мгакәа ргәы дырҭынчырц, агәҽанызаара аадырԥшларц.
Уаанӡа асоциалтә ҳақәа рҿы ирыларҵәан аинформациа Қырҭтәыла аганахьала Аԥсны атеррористтә актқәа аздырхиоит ҳәа.