Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Украинатәи ар уахыки-ҽнаки рыла 125-ҩык ауаа рцәыӡит ЛЖәРи Харьковтәи аобласти рҿы

Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 339 ҳаирплан, 180 вертолиот, 2 628 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 391 азенит-ракетатә комплекс, 6996 танки акәылӡымашьынеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 - Sputnik. Украинатәи ар уахыки-ҽнаки рыла 125-ҩык ауаа рцәыӡит ЛЖәРи Харьковтәи аобласти рҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа адыррала Купиансктәи ахырхарҭаҿы урыстәылатәи ар Харьковтәи аобласт аиланхарҭа Табаевка аҟны украинатәи атактикатә гәыԥ арота аҭыԥ ааха арҭеит.
"Иҭархоуп 65-ҩык украинатәи аруаа, аршьаҟауаа рмашьынақәа ҩба, апикапқәа ҩба", - ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Красно-лимантәи ахырхарҭаҿы иаԥырҟәҟәаауп атактикатә ротатә гәыԥқәа ҩба ржәылара Червонопоповкеи Житловкеи рҟны (ЛЖәР). Раигородки иахьаҵанакуа иҭархоуп украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба.
"Украинатәи ар уахыки-ҽнаки рыла ирыцәҭахази ихәызи зынӡа 60-ҩык ацәыӡ роуит. Иара убасгьы ирцәыӡит аршьаҟауаа рмашьынақәа хԥа, акәылӡмашьына, апикапқәа ԥшьба", - рҳәеит аминистрраҿы.