Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" Маиҟәаԥ имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи адыга культура афестиваль иалахәын.
Чамагәуаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩцәа ишрыдылгалаз ԥшь-номерк, урҭ рҟынтә иалхтәын ҩба, анаҩс афестиваль ахаҭаҿы ахәаԥшцәа ирыдыргалашагьы. Аха аномерқәа рыԥшьбагьы убысҟак рыхә ҳаракны ишьан, аҵыхәтәаны иӡбан дара зегьы нарыгӡарцаз. Агәыԥ бжьыцқьала инананагӡоз ашәақәа ахәшьара ҳаракы аҭан ҳәа азгәалҭеит Чамагәуаԥҳа.
Роза Чамагәуаԥҳа илхәеит афестиваль адырҩаҽны сааҭк ицоз аконцерт шымҩаԥыргоз. Лара еиҭалҳәеит, иахьа ансамбль аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи иамоу азҿлымҳара атәы.
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" анапхгаҩы лажәақәа рыла, аԥсуа жәлар рарҳәагақәа зегьы ансамбль аҿы рыбжьы гоит, иазырҳәогьы ыҟоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.