https://sputnik-abkhazia.info/20221206/chamaguaa-eialeit-adyga-kultura-afestival-aikaatsa-zladyrshankhaz-aty--1042981539.html
Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит адыга культура афестиваль аиҿкааҩцәа зладыршанхаз атәы
Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит адыга культура афестиваль аиҿкааҩцәа зладыршанхаз атәы
Sputnik Аҧсны
Адыга культура жәларбжьаратәи афестиваль иалахәын авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында". Уи анапхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит... 06.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-06T19:20+0300
2022-12-06T19:20+0300
2022-12-06T19:20+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/06/1042981386_0:0:3072:1728_1920x0_80_0_0_7669cc01d0485fa18ec1b5c753a65428.jpg
Чамагәаԥҳа еиҭалҳәеит, адыга культура афестиваль аиҿкааҩцәа зладыршынхаз атәы
Sputnik Аҧсны
Чамагәаԥҳа еиҭалҳәеит, адыга культура афестиваль аиҿкааҩцәа зладыршынхаз атәы
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" Маиҟәаԥ имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи адыга культура афестиваль иалахәын.Чамагәуаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩцәа ишрыдылгалаз ԥшь-номерк, урҭ рҟынтә иалхтәын ҩба, анаҩс афестиваль ахаҭаҿы ахәаԥшцәа ирыдыргалашагьы. Аха аномерқәа рыԥшьбагьы убысҟак рыхә ҳаракны ишьан, аҵыхәтәаны иӡбан дара зегьы нарыгӡарцаз. Агәыԥ бжьыцқьала инананагӡоз ашәақәа ахәшьара ҳаракы аҭан ҳәа азгәалҭеит Чамагәуаԥҳа.Роза Чамагәуаԥҳа илхәеит афестиваль адырҩаҽны сааҭк ицоз аконцерт шымҩаԥыргоз. Лара еиҭалҳәеит, иахьа ансамбль аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи иамоу азҿлымҳара атәы.Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" анапхгаҩы лажәақәа рыла, аԥсуа жәлар рарҳәагақәа зегьы ансамбль аҿы рыбжьы гоит, иазырҳәогьы ыҟоуп.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/0c/06/1042981386_204:0:2935:2048_1920x0_80_0_0_abb0ceb1a9944715065e7aa7273d4b34.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, акультура, аудио
аԥсны, аподкаст, акультура, аудио
Чамагәуаԥҳа еиҭалҳәеит адыга культура афестиваль аиҿкааҩцәа зладыршанхаз атәы
Адыга культура жәларбжьаратәи афестиваль иалахәын авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында". Уи анапхгаҩы Роза Чамагәуаԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит аиашьаратә ҳәынҭқарраҿы ишрыдыркылаз атәы.
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" Маиҟәаԥ имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи адыга культура афестиваль иалахәын.
Чамагәуаԥҳа арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит афестиваль аиҿкааҩцәа ишрыдылгалаз ԥшь-номерк, урҭ рҟынтә иалхтәын ҩба, анаҩс афестиваль ахаҭаҿы ахәаԥшцәа ирыдыргалашагьы. Аха аномерқәа рыԥшьбагьы убысҟак рыхә ҳаракны ишьан, аҵыхәтәаны иӡбан дара зегьы нарыгӡарцаз. Агәыԥ бжьыцқьала инананагӡоз ашәақәа ахәшьара ҳаракы аҭан ҳәа азгәалҭеит Чамагәуаԥҳа.
Роза Чамагәуаԥҳа илхәеит афестиваль адырҩаҽны сааҭк ицоз аконцерт шымҩаԥыргоз. Лара еиҭалҳәеит, иахьа ансамбль аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уи иамоу азҿлымҳара атәы.
Авокал-инструменталтә ансамбль "Гәында" анапхгаҩы лажәақәа рыла, аԥсуа жәлар рарҳәагақәа зегьы ансамбль аҿы рыбжьы гоит, иазырҳәогьы ыҟоуп.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.