Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Донбасс дҭахеит Аԥсны атәылауаҩ

Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 7 - Sputnik. Донбасс ахақәиҭтәраз аибашьраҿы дҭахеит Аԥсны атәылауаҩ ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
24-шықәса зхыҵуаз Беслан Тапаӷәуа иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит Аԥсны АҶА амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Краснодарынтә.
Тапаӷәуа анышә дамадахоит Гал.
Донбасс иҭахахьеит Аԥснынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз хҩык – Ахра Кьыркьинаӡе, Артур Кьыркьинаӡе, Лоран Смыр.