Ҩ миллионки 660 нызқь мааҭ рзоужьуп Аҳәынҭқарра ахада ифонд аҟынтәи жьҭаарамзазы амшцәгьақәа раан аԥхасҭа зауз Гәылрыԥшь араион анхацәа ҳәа иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Џьопуа. Иара иажәақәа рыла анхацәа 50 инаркны 200 нызқь мааҭ рҟынӡа рнапаҿы ирыҭахоит.
"Арзаҳал алазҵаз 32 ҭаацәа иахьа инаркны абанк аҟны инеины ироуз ацхыраара рнапаҟны ирырҭартә аҭагылазаашьа ыҟоуп", - иҳәеит Џьопуа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.