Аԥсны

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аԥшыхәра мҩаԥызгоз Қырҭтәыла атәылауаҩ лус иахәаԥшуеит

Аԥсны арратә прокуратура ашьаус азы ахарадҵаратә лкаа ҟаҵаны аӡбарҭа инанашьҭит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik. Қырҭтәыла атәылауаҩ Кристина Такаланӡе лганахьала ашьаус Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ахәаԥшразы инашьҭуп ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.
Такаланӡе гәҩарас дрымоуп Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 274 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура - аҳәаанырцәтә ҳәынҭқарразы аԥшыхәра мҩаԥылгон ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Кристина Такаланӡе, Жәыргьыҭ ииз, Гал араион Баҭаигәара (Набакеви) ақыҭан инхо, қырҭтәылатәи амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵақәа нагӡо, аҳәынҭқарратә, арратә уҳәа Аԥсны азакәан иахьчо амаӡақәа еизылгон.
Аԥсны
Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа рзы аԥшыхәра мҩаԥызгоз лаанкылара аҿҳәара иацҵоуп
24 шықәса зхыҵуа Такаланӡе милаҭла дақырҭуоуп. Аусҭҵаара адыррақәа рыла, Такаланӡе еизылгоз аинформациа Қырҭтәыла Ашәарҭадаратә маҵзура ахы ианархәар алшон Аԥсны ашәарҭареи, аконституциеи, ахьыԥшымреи рыҵшәааразы.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала, лара ԥхынгәы 29 рзы дырбаандаҩын. Лара хара лымам ҳәа иԥхьаӡоуп аӡбарҭа аӡбамҭа амчрала лхара шьақәырӷәӷәахаанӡа.