Арадио

Еицырдыруа ахьыӡқәа: Аламиа Тарас Шамба изкны

Ауаажәларратә усзуҩ, апоет Геннади Аламиа арадио Sputnik аефир аҟны "Жәлар рхада" ҳәа ззырҳәоз аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ Тарас Шамба Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза Конгресс аиҿкаареи аусуреи аҟны илагала атәы иҳәеит.
Sputnik
"Тарас даара иџьабаа дуун, аха иҟазшьа бзиа, иуаҩра, абарҭқәа ихы иархәаны, дахьаацәырҵуаз длашырбаганы зегьы идиԥхьало, ахәшҭаара бзиак аԥшәма еиԥш, ус иаахжәаны "шәца-шәааи" ҳәа акәымкәа, уи ԥсыуалоуп, ԥсышәароуп, арахь ихьаԥшуа иҟаиҵеит ҳдиаспора зегьы. Ҳдиаспора ахьыҟоу 40 ҳәынҭқарра ҳамҳәои, иара абжеиҳарак дахьымнеиз ыҟам… Адунеизегьтәи Аԥсуа-абаза конгресс зеиҿкааз хьтәы нбанла иара аԥҟаԥҵәа иануп аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл ахь рырхынҳәра аус ауп изызку ҳәа. Ацхыраарас ирҭаху рыԥсадгьыл аҟны ианааилак, абра ишьақәгылартә еиԥш аҟаҵара ауп", - иҳәеит Аламиа.
Аицәажәара иаҳа инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.