АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба дидикылеит усутә ныҟәарыла Аԥсны иааны иҟоу Атәылахьчараз Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы Андреи Картаполов. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика Апарламент апресс-маҵзура.
Аганқәа алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володини рнапы зҵарҩыз аусеицураз Аиқәшаҳаҭра анагӡараз имҩаԥгатәны иҟоу аусура.
Адепутатцәа азааҭгылеит атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны актуалра зманы иҟоу аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.