Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаша Ашәба дидикылеит Атәылахьчараз Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы

© Foto / ПАРЛАМЕНТ АБХАЗИИСпикер Парламента Лаша Ашуба встретился с председателем комитета Госдумы России по обороне Андреем Картаполовым.
Спикер Парламента Лаша Ашуба встретился с председателем комитета Госдумы России по обороне Андреем Картаполовым. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.12.2022
Анапаҵаҩра
Аиԥылара иалахәын адепутатцәа Фазлыбеи Аҩӡба, Ҭемыр Шергьелиа, Асҭамыр Герхьелиа.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба дидикылеит усутә ныҟәарыла Аԥсны иааны иҟоу Атәылахьчараз Аҳәынҭқарратә Дума аилак ахантәаҩы Андреи Картаполов. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика Апарламент апресс-маҵзура.
Аганқәа алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын 1 азы Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володини рнапы зҵарҩыз аусеицураз Аиқәшаҳаҭра анагӡараз имҩаԥгатәны иҟоу аусура.
Адепутатцәа азааҭгылеит атәылахьчареи ашәарҭадареи русхк аҟны актуалра зманы иҟоу аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0