Аԥсны

Аҟәатәи ақалақьтә еизара иаӡбеит абаҳчақәа руак Беслан Ӡыба ихьӡ ахҵазарц

Аҟәа амҩақәа, апаркқәа, абаҳчақәа ахьӡ рыхҵареи рыхьӡқәа рыԥсахреи рзы Ауаажәларратә комиссиахь Араион ҿыц анхацәа рҟынтәи ашәҟәы неит абаҳча Беслан Ӡыба ихьӡ ахҵазарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутатцәа еицҿакны рыбжьы рҭиит Цәыббра 30 амҩаҿы иҟоу абаҳча Беслан Ӡыба ихьӡ ахырҵарц.
Иҳаҩсыз амчыбжь азы Аҟәа амҩақәа, апаркқәа, абаҳчақәа ахьӡ рыхҵареи рыхьӡқәа рыԥсахреи рзы Ауаажәларратә комиссиахь Араион ҿыц анхацәа рҟынтәи ашәҟәы неит абаҳча Беслан Ӡыба ихьӡ ахҵазарц.
Акомиссиа ақалақьтә еизара ирабжьыргеит ари аԥшьгамҭа иахаҵгыларц.
Беслан Ӡыба – Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп, 1998 шықәса рзы Гал араион аҿы иҟаз аидысларақәа дрылахәын, Кәыдрытәи аиҩхаа аҭарцәра далахәын, ианашьоуп Леон иорден, амедал "Кәыдрытәи аиҩхаа ахақәиҭтәразы".