АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Сариая Кәарцхьиаԥҳа. Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" еиҿыркааз ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла" иалагеит Аҟәа акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" аҿы асабша ԥхынҷкәын 10 рзы.
"Есышықәса Агәыҳалалратә фондқәа "Ашанеи" "Кьарази" рҟынтәи сколлегацәа имҩаԥыргоит акциақәа "Ассир ҳамҭас", "Уҵаа Бабадуха". Сынтәа ҳара иҳаӡбеит арҭ аҩфондк ракциақәа еидаҳкыларц, афондқәа хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа рысаламшәҟәқәа рыхәҭак агәаҳәарақәа назыгӡо аԥсаӡ "Ашанаҵла" аҿы икнаҳҳарц", - лҳәеит акультура-усутә ҭыԥ "Гәыма" ахаҭарнак Хьыбла Возԥҳа.
Лара лажәақәа рыла, апҟа асахьа аҭаны ирҽу ақьаадқәа аԥсаҵлаҿы рыкнаҳара ус баша-маша рхаҿы имааиӡеит. Иапониа иҟоу атрадициала, ахәыҷы ақьаад иалхны апҟа аныҟаиҵо игәы ак ҭеикуеит, уи игәҭакы хымԥада инаӡоит ҳәа рыԥхьаӡоит.
“Ҳара ҳгәы иаанагеит ари асимвол ҳаргьы ҳхы иаҳархәарц ҳалшоит ҳәа. Арҭ ақьаад иалху апҟақәа Аԥсны ахи-аҵыхәеи рахь инеиуеит, ахәыҷқәа ргәаҳәара нарыгӡоит", - лҳәеит лара.
Ашықәсҿыцазтәи акциа "Ашанаҵла"
© Sputnik / Леон Адлейба
Астанциа "Гәыма" аҿы аԥсаӡ ду дыргылеит, уа икнарҳаит ақьаад рҽны иалырхыз апҟақәа. Урҭ зынӡа 250 хәыҷтәы гәаҳәара рнуп.
Изҭаху зегьы ирылшоит инеины апҟа кныхны дарбанзаалак ахәыҷы игәаҳәара анагӡара. Акциа аус аулоит ԥхынҷкәын 26 рҟынӡа.
Sputnik Аԥсны - акциа аинформациатә дгылара анаҭоит.
Акциа “Ашанаҵла” мҩаԥысуеит ИАР Ахәыҷтәы фонд Аҟәатәи аофис ацхыраарала.
Новогодняя акция “Ашана-цла”
© Sputnik / Леон Адлейба