Аԥсны

Анқәаб: Қарҭ аганахь ала Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп

Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи атәылақәеи иааҟәымҵӡакәан Қырҭтәыла аиҳабыра рахь аичырчаратә ҳәамҭақәа ҟарҵоит Урыстәыла иаҿагылан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҩбатәи афронт аанартырц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп Қарҭ аганахь ала, еиҳаракгьы европатәи аемиссарцәа Урыстәыла иаҿагылан Қараҭ "аҩбатәи афронт" аартраз рҽазышәарақәа рзы аинформациа аныҟоу иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.

"Еиҳаракгьы аинформациа анырацәаз, Европа еиуеиԥшым атәылақәа ремиссарцәа, еиҳарак Польшантәи иааны аҩбатәи афронт аартра анрабжьаргоз. Аха анцәа иџьшьаны, макьаны уи аҩыза мҩаԥысуам", - иҳәеит аԥыза-министр.

Иара иҳәеит арегион аҟны аҭагылазаашьа "еснагь ишеибарххароу". Убри аан Анқәаб агәыӷра ааирԥшит Қырҭтәыла "ахдырра змоу ауаа шрацәаҩу аҭагылазаашьа арӷыӷкра алзмыршуа".
Уаанӡа Қырҭтәыла аиҳабыра "аҩбатәи афронт" аартра мап ацәыркит Украина бџьарла ацхыраара аҭареи қьырала аибашьцәа рышьҭреи рыла. Ус шакәугьы, Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи атәылақәеи рҟынтәи аичырчаратә ҳәамҭақәа шыҟарҵац иҟарҵоит.