https://sputnik-abkhazia.info/20221211/anab-ar-aganakh-ala-asny-aiabyra-aganyzaara-rymoup-1043061878.html
Анқәаб: Қарҭ аганахь ала Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп
Анқәаб: Қарҭ аганахь ала Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп
Sputnik Аҧсны
Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи атәылақәеи иааҟәымҵӡакәан Қырҭтәыла аиҳабыра рахь аичырчаратә ҳәамҭақәа ҟарҵоит Урыстәыла иаҿагылан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҩбатәи... 11.12.2022, Sputnik Аҧсны
2022-12-11T10:56+0300
2022-12-11T10:56+0300
2022-12-11T11:02+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
александр анқәаб
урыстәыла
аполитика
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/01/1033322378_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_999e11b9395b61a6bc65694c9ed0154a.jpg
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп Қарҭ аганахь ала, еиҳаракгьы европатәи аемиссарцәа Урыстәыла иаҿагылан Қараҭ "аҩбатәи афронт" аартраз рҽазышәарақәа рзы аинформациа аныҟоу иҳәеит РИА Новости аинтервиу азҭаз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.Иара иҳәеит арегион аҟны аҭагылазаашьа "еснагь ишеибарххароу". Убри аан Анқәаб агәыӷра ааирԥшит Қырҭтәыла "ахдырра змоу ауаа шрацәаҩу аҭагылазаашьа арӷыӷкра алзмыршуа".Уаанӡа Қырҭтәыла аиҳабыра "аҩбатәи афронт" аартра мап ацәыркит Украина бџьарла ацхыраара аҭареи қьырала аибашьцәа рышьҭреи рыла. Ус шакәугьы, Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи атәылақәеи рҟынтәи аичырчаратә ҳәамҭақәа шыҟарҵац иҟарҵоит.
урыстәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/0a/01/1033322378_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_fbca4004a6c74e8eb208e12c3123bee5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, александр анқәаб, аполитика
ажәабжьқәа, александр анқәаб, аполитика
Анқәаб: Қарҭ аганахь ала Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп
10:56 11.12.2022 (ирҿыцуп: 11:02 11.12.2022) Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи атәылақәеи иааҟәымҵӡакәан Қырҭтәыла аиҳабыра рахь аичырчаратә ҳәамҭақәа ҟарҵоит Урыстәыла иаҿагылан Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи аҩбатәи афронт аанартырц.
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥсны аиҳабыра агәҽанызаара рымоуп Қарҭ аганахь ала, еиҳаракгьы европатәи аемиссарцәа Урыстәыла иаҿагылан Қараҭ "аҩбатәи афронт" аартраз рҽазышәарақәа рзы аинформациа аныҟоу иҳәеит
РИА Новости аинтервиу азҭаз Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Еиҳаракгьы аинформациа анырацәаз, Европа еиуеиԥшым атәылақәа ремиссарцәа, еиҳарак Польшантәи иааны аҩбатәи афронт аартра анрабжьаргоз. Аха анцәа иџьшьаны, макьаны уи аҩыза мҩаԥысуам", - иҳәеит аԥыза-министр.
Иара иҳәеит арегион аҟны аҭагылазаашьа "еснагь ишеибарххароу". Убри аан Анқәаб агәыӷра ааирԥшит Қырҭтәыла "ахдырра змоу ауаа шрацәаҩу аҭагылазаашьа арӷыӷкра алзмыршуа".
Уаанӡа Қырҭтәыла аиҳабыра "аҩбатәи афронт" аартра мап ацәыркит Украина бџьарла ацхыраара аҭареи қьырала аибашьцәа рышьҭреи рыла. Ус шакәугьы, Киеви хаз игоу мраҭашәаратәи атәылақәеи рҟынтәи аичырчаратә ҳәамҭақәа шыҟарҵац иҟарҵоит.