Аԥсны

Москва имҩаԥысран иҟоуп афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..."

Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." 2001 шықәсазы Аԥсны иаԥылҵеит адунеи зегь аҿы еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 12 рзы Москватәи аконсерваториа Азал ду аҿы, иагьхнаркәшоит нанҳәамзазы Аҟәеи Пицундеи излагаз аконцертқәа рсериа.
Аиубилеитә концерт аҿы иқәгылоит Хьыбла Гьерзмааԥҳаи ашәаҳәаҩцәа Вероника Џьиоевеи, Дмитри Корчаки, Васили Ладиуки.
Аконцерт иацнарӷызуеит К.С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә Амузыкатә театр аоркестри, адирижиор — Урыстәыла жәлар рартист амаестро Феликс Коробови.
Аԥсны
Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." хыркәшоуп
Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысит Аԥсны нанҳәамза 26, 28 рзы. Аконцертқәа мҩаԥган Аҟәеи Пицундеи.
Афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." 2001 шықәсазы Аԥсны иаԥылҵеит адунеи зегь аҿы еицырдыруа аоператә шәаҳәаҩы Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа. 2014 шықәса инаркны афестиваль агеографиа арҭбааит. Уи аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Австриа, Швеицариа, Латвиа, Британиа Ду, Италиа, Еиду Америкатәи аштатқәа рыҟны.