Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмаа шәаалыԥхьоит..." хыркәшоуп

© Foto / Эля Цишба Двадцатый Юбилейный фестиваль "Хибла Герзмава приглашает…"
Двадцатый Юбилейный фестиваль Хибла Герзмава приглашает… - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.08.2022
Анапаҵаҩра
Аиубилеитә фестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" мҩаԥысит Аԥсны нанҳәамза 26, 28 рзы. Аконцертқәа ҩ-қалақьк рҟны имҩаԥган - Аҟәеи Пицундеи.
АҞӘА, нанҳәа 29 - Sputnik. XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." Пицунда аконцерт амҩаԥгарала ихыркәшан нанҳәа 28 рзы.
XX Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит..." иалагеит Аҟәа нанҳәа 26 рзы. Актәи аконцерт алагамҭаз артистцәа Васили Ладиук, Мигран Агаджаниан, Вероника Џьиоева, иара убас Хьыбла Гьерзмааԥҳаи Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа еиҭарҳаит асакура ҵлақәа аа-шьапык.
Аконцерт иалагаанӡа имҩаԥгаз апресс-конференциаҿы Хьыбла Гьерзмааԥҳа илҳәеит лара лзы ишнасыԥу лыԥсадгьыл аҟны ахәаԥшцәа "амузыкеи анасыԥи рыҭара". Ашәаҳәаҩ иазгәалҭеит 20-тәи афестиваль Аԥсуа ҳәынҭқарратә театр аҿы иахьымҩаԥысуа символра шамоу, издыруада, мышкызны Аԥсны аоператә театр шьақәгыларгьы.
Аоператә шәаҳәаҩы асцена илыцықәгылеит адирижиор Феликс Коробов, атенор Мигран Агаджаниан, абаритон Васили Ладиук, асопрано Вероника Джиоева, апрограмма мҩаԥыргоит Иулиан Макаров, абалерина Кристина Чкотуаԥҳа.
Жәларбжьаратәи афестиваль "Хьыбла Гьерзмааԥҳа шәаалыԥхьоит…" еиҿкаан 2001 шықәса рзы, Аԥсны имҩаԥысуан. Уи аахижьҭеи иара агеографиа арҭбааит. Афестиваль аконцертқәа мҩаԥысуан Москва Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал аҿы, К. С. Станиславскии В. И. Немирович-Данченкои рыхьӡ зху Амузыкатә театр аҿы, Ниу-Иорк Карнеги-холл аҿы, Вена Музикфераин азал аҿы, Швеицариа Санкт-Морице аҿы.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа — иналукааша урыстәылатәи шәаҳәаҩуп, адунеи иреиҳаӡоу атеатрқәа рҿы дықәгылахьеит. Метрополитен-опера, Венатәи аҳәынҭқарратә опера, Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера, Шатлеии Шанз-Елизеи, петербургтәи Мариинтәи атеатри рҿы изныкымкәа дықәгылахьеит. 2008 шықәса рзы имҩаԥысит Лондон, Ковент Гарден аҟны лдебиут – Чаиковски иопера "Евгени Онегин" аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0